Сангәылиа: исцәыцәгьоу схатәы бызшәа зегьы ирҵалар сҭахуп
Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхаруаа рышкол аушьҭымҭа, аԥсшәада апышәарақәа зегьы хәба ҳәа иазҭаз Алиас Сангәылиа арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа даниацәажәоз иазгәеиҭеит амаҭәарқәа зегьы аԥхьаҟа ԥсышәала ирҵалар шиҭаху.