Ҳашԥҳа: ҳгәыӷуеит Урыстәылазегьтәи атурнир аҟны аиааира ҳгап ҳәа
Ахәыҷтәы-қәыԥштә шьапылампылтә клуб "Динамо" администратор Гәыранда Ҳашԥҳа Sputnik ахь иаалыцҳаит адунеитә шьапылампылтә чемпионат аҟны ирырҭо ахраҿа хада еиԥшу ахраҿазы Урыстәылазегьтәи атурнир иалахәу Аԥснытәи ахәыҷқәа афина бжахь ишнеиз.