Алхас Ҳагба кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭаҩуп
![Алхас Ҳагба кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭаҩуп](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/103022/71/1030227179.jpg)
АКХ аҿы аҽҭаҩразы аԥшьгаратә гәыԥ еизнагароуп 200 - 250 напынҵамҭа. Аполитикатә партиа АКХ аҿы иҭарыҩуеит, нас уи аизара ду аҿы депутатс иқәнаргыло икандидатуразы аӡбара аднакылоит. Далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп абжьыҭираан еиҳа абжьы зауз акандидат.