Габелиа адипломтә усумҭақәа онлаин рыхьчаразы: раԥхьатәи ԥышәан, аха ишахәҭаз имҩасит
![Габелиа адипломтә усумҭақәа онлаин рыхьчаразы: раԥхьатәи ԥышәан, аха ишахәҭаз имҩасит](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/102134/51/1021345166.jpg)
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апандемиа аамҭазы иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҟны амагистрантцәа роушьҭратә квалификациатә усумҭақәа рыхьчара шеиҿкааз атәы.