Торчуа Гәылрыԥшь иҟоу абаҟақәа рҭагылазаашьазы: есымза иаҳрыцқьоит
Гәылрыԥшь араион ахадара акоммуналтә нхамҩа аиҳабы Анатоли Торчуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иазку араион аҿы иҟоу абаҟақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.