Урыстәылатәи аделегациа ахада ҳреспублика аенергосистема дахцәажәеит
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа Аԥсны иааны иҟоуп 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестициатә программала асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аобиектқәа рыргылара шцо рбаразы.