Минаиаԥҳа: асанитартә ҳақьым лабжьгарала, ахәыҷбаҳчақәа русура аамҭа иагырхоуп
Аԥсны аҵара аминистрра ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәа рыспециалист хада Аида Минаиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит жәабранмза 15 инаркны зусура еиҭахацыркхо ахәыҷбаҳчақәа рҿы ахәыҷқәа рхылаԥшра аус шеиҿкаахо атәы.