Урыстәылеи Аԥсни рзеиԥшекономикатә ҵакыра аиҿкааразы агәыԥ анапынҵақәа
Аслан Бжьаниа жьҭаара 10 рзы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара шьаҭас иҟаҵаны азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аиҿкаара Апрограмма апроект азырхиаразы аусутә гәыԥ аԥҵазарц.