Шьалашьаа: афинанстә шәарҭадаратә хчы ҟалом ахаан ашәахтәқәа ахьырымшәо аҳәынҭқарраҟны
Афинанстә ҭагылазаашьа уадаҩ аан аҳәынҭқарра ашәарҭадара алзыршо, уи азҵаара аӡбара иаԥырхагоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аекономикеи азини ринститут аиҳабы, аекономикатә ҭҵааарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа.