Делԥҳа еиҭалҳәеит аҵаҩцәа рыбжьара акоронавирус зыдбалаз даналкааха ашьҭахь иҟаҵаз
Б. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ адиректор Нонна Делԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит аҵаҩцәа рыбжьара акоронавирус зыдбалаз ахәыҷы дшалкаахаз, насгьы уи ашьҭахь имҩаԥгаз аусурақәа ртәы.