Џьопуа: жәытәгьы-ҿатәгьы аԥҳәыс лроль аԥхьа игылан, иахьагьы ус иҟазароуп
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Уанка Џьопуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы дазааҭгылеит аԥсуаа аԥҳәыс лахь иаадырԥшуаз акультура ҳаракы атәы. Абырг иҳәеит аԥҳәыс ишакәым лыхцәажәареи, лганахь анапы ашьҭыхреи ҟалашьа змам акакәны ишыҟоу.