"Сҵара уҵарахааит, сымшра умшрахааит": аӡәы идырра даҽаӡәы ишииҭо иазку ақьабз
Аԥсуа жәлар ирылоуп "адырра" зманы аԥсуа хәшәқәа ҟазҵо, ауаҩы, ма арахә алаԥш рхызхыр зылшо, здоуҳа наӡо ауаа. Ишԥароуи дара убри адырра? Дарбанзаалак илшома ддырыҩхар, мамзаргьы иалху аӡә иакәу? Уи адоуҳа злоу Иура Џьапуа Есма Ҭодуаԥҳа илзеиҭеиҳәеит идырра шиоуз атәы.