Коӷониа: аԥсшәа ззымдыруа Аԥсны ахадарахьы акандидат, сыбжьы исҭаӡом
Алхратә комиссиа хадаҟны иаԥҵоу Алингвисттә комиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт анаукатә усзуҩ хада Валентин Коӷониа еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа абызшәазы аԥышәара шарҭо атәы.