Қаџьаиа: Виктор Кәакәасқьыр иажәеинраалақәа реизга аҭыжьра игәҭакын, аха дахьымӡеит
Агазеҭ Аԥсны аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Борис Қаџьаиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит зыԥсҭазаара иалҵыз ажурналист Виктор Кәакәасқьыр иажәеинраалақәа реизгара аҭыжьра азырхиара дшаҿыз.