Ҷыҭанаа Аԥсны ада џьара иззымҳауа аҵиаахкқәа рзы: аекологиа шеиқәырхоу арҵабыргуеит
Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәыла мацараҿы изызҳауа аҵиаақәа рхыԥхьаӡара акырӡа ишырацәоу асоветтә аамҭазы иҭыҵыз Ашәҟәы ҟаԥшь иану аиҳа.