Ашәба: аԥсуаа еснагь ҳаззықәԥоз ҳбызшәеи, ҳбираҟи, ҳҳәынҭқарреи амшқәа - иԥшьоу мшуп
Абираҟ амш иазкны Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы еиҿкаахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, Аԥсуа-абаза жәлар рконгресс Иреиҳаӡоу Аилак алахәыла Арда Ашәба.