Аҭоурыхҭҵааҩ Салаҟаиа: аҵара зҵар зҭаху уи азы итәыла анҭыҵ дымцаргьы, ак илҵуеит
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ адоцент, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Сослан Салаҟаиа иахьа 55 шықәса ихыҵит. Аиубилиар арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аира амш азгәаҭара дшазыҟоу, иԥсҭазаараҟны ихадаратәны илиршаз ҳәа ииԥхьаӡо.