Аҳәынҭархив: ахада Иусбарҭаҿы архивтә шәҟәқәа шәарҭара иҭагылам
Аҟәа аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Аамҭақәак рышьҭахь ахада Иусбарҭа ахыбра аҿаԥхьаҟа ииасит. Амш акыр инеихьаны ахыбра иажәлеит, ашәқәеи аԥенџьырқәеи ҿыхуа.