Кәыҵниаԥҳа илҳәеит Аҟәа аҿар рзы хәыда-ԥсада иҟоу асекциақәа иҿыцу шрыцло
Аҳҭнықалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аспециалист хада Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит аҿар рзы хәыда-ԥсада аилак аҟны иҟоу асекциақәа, жәабран акы инаркны аиогеи апсихолог иԥыларақәеи шрыцло.