Стенин ихьӡ зху афотожурналистика аиндаҭлара афонд х-миллионк инаӡеит
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит Андреи Стенин ииарамш аҽны. Аусумҭақәа рыдыркылалоит 2018 шықәса жәабранмза 28 рҟынӡа. Иалахәхар ауеит 18-33 шықәса зхыҵуа афоторепортиорцәеи афотоҭыхра бзиа избоуи.