Сангәлиа игәалаиршәеит Шәарах Ԥачалиеи иареи раԥхьатәи реибабара шыҟалаз
Асовет Еидгыла Жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 105 шықәса аҵра инамаданы Тҟәарчал акультуратә хан аҿы еиҿкаахоит аусмҩаԥгатәқәа, абри атәы иҳәеит иара ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр асахьаркыратә напхгаҩы Сырбеи Сангәлиа.