Хьециаԥҳа: ауаа рымҩангараҿы ршәарҭадара зегьы ирыцку зҵаароуп
Атуристтә сезон ҿыци атранспорттә мҩақәеи захьӡу азҵаатәы иалацәажәон арадио Sputniк Аԥсны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы. Атранспорттә фирма "А-Такси" ахада Елла Хьециаԥҳа илҳәеит амашьынарныҟәцаҩцәеи, иара убас урҭ ирымоу апассаџьыртә транспорти хылаԥшра шарҭо атәы.