Валентин Коӷониа: сыԥсҭазаараҿы Иуа Коӷониа идоуҳа иаӡбаз рацәоуп
Апоет-алирик, арҵаҩы, акритик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, афольклорҭҵааҩ Валентин Коӷониа ихыҵит 60 шықәса. Иара аԥсҭазаара инаҭаз аԥышәа, арҿиарахь дхьазырԥшыз, ихәыҷрашықәсқәа ихадараны изаликаауа ртәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.