Какоба: аҿкы чымазара ахьаарԥшу аклассқәа рҿы акарантин алаҳәаразы аҳәара ҟаҵоуп
Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә аҵара аҟәшақәа реиҳабацәа алархәны имҩаԥган аилацәажәара ахьҭалаларақәа ирыхҟьаз аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы. Аԥсны аҵара аминситр Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит аҿкы чымазара змоу ашколхәыҷқәа ахьтәаз аклассқәа рҿы акарантин алагаразы агәабзиарахьчара аминистррахь аҳәара шыҟарҵаз.