Кәыҵниа: амца азыркуа иазхәыцлаӡом анаҩс рцәашьас иамоу
Ааԥынра анааигәахо имаҷым ахҭысқәа ҳауаажәлар афасара амца аркны хылаԥшрада ианаанрыжьуа ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Аҟәа ақалақьи араиони абылраҽацәыхьчара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.