Бзыԥҭатәи аныхабаахь...
А-X-тәи ашәышықәса иаҵанакуа Бзыԥҭатәи аныхабаахь, ҳтәылауаа рнаҩс Аԥсны иаҭаауа асасцәа мҩахыҵуеит. Архитектуратә баҟеи, изгәылаку аԥсабареи дарбанзаалак доуҳала дахәшәтәуеит, иԥсы инаршьоит. Иԥшьоу аҭыԥ аҟны иҷыдоу аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Аныхабааи, акәша-мыкәшеи есқьынагьы ицқьоуп, џьара быбыцк каршәны иубом. Уи зыбзоуроу, ари абаҟеи, аҵакыреи хатәгәаԥхарала ирхылаԥшуа Бзыԥҭа ақыҭанхаҩы Роман Канџьариа иоуп.