Џьинџьиа еиҭеиҳәеит аԥсабара аԥхасҭа азҭо ахәаҷа-маҷақәа рсиа
Аԥсабара аԥхасҭа азҭо ахәаҷа-маҷақәа рсиа шьақәырӷәӷәан Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы абҵарамза 30 рзы. Ахәаҷақәа шәарҭарас ирыҵоу атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Аркади Џьинџьиа.