Аӡы иҭоу, мамзаргьы ацәҵыхә аӡы аныҭнаго
Аӡы ажәлар рдырраҿы аҧсҭазаара зхылҿиаауа акоуп. Аҿиара еиҧш уи ацқьарагьы иадҳәалоуп (амагиатә ҽрыцқьара). Иара убри аан, аӡы нырцәи аарцәи еимаздо ҳәааны иҧхьаӡоуп. Аҧсуаа аӡы иадҳәаланы имҩаҧырго ақьабзқәа ганкахьала, иара аҧсабаратә ҟазшьақәа ирыдҳәалоуп (ацқьара, аласра, аҽырхьшәашәара), даҽа ганкахьала – "итәыму" дунеик уагәылазхало роуп.