Пушкинтәи аԥхьарақәа Аботаникатә баҳчаҿы имҩаԥысит
Аурыс шәҟәыҩҩы ду Александр Сергеи-иԥа Пушкин имшира инақәыршәаны ирҿиамҭа абзиабаҩцәа апоет ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, традициак аҳасаб ала ишышьақәгылахьоу еиԥш, Аботаникатә баҳчаҿы иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.