Марыхәба: "Амцабз" ашьапылампыласразы адунеи ачемпионат аанартыр алшоит
Ашьапылампыласразы Адунеи Ачемпионат 2018 аартразы имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аицлабра "ART OPEN WORLD" аҿы Москва еиҿкаау ахәыҷтәы ансамбль "Амцабз" гран-при иаԥсахеит, абри атәи арадио Sputnik Аԥсны ҭелла иазеиҭеиҳәеит актиор, ахореограф, ансамбль "Амцабз" асахьаркыратә напхгаҩы Лаша Марыхәба.