Возба: "Салют талантов" еиднакылоит зыҩаӡара ҳараку акәашаҩцәа
"Салют талантов" ҳәа Москва имҩаԥысуа афестиваль еиднакылоит зыҩаӡара ҳараку арҿиаратә гәыԥқәа, иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны Аԥсны Жәлар рартист, ахәыҷтәы акәашаратә гәыԥ "Иааирума" асахьаркыратә напхгаҩы Вахтанг Возба.