Аинџьныр хада: аӡымҩангага хада зегьы ҳаԥсахаанӡа аӡы аанаҳкылалоит
Аҳҭнықалақь зегьы аҿы аӡымҩангага хада аԥсахра ҳаҷуп, даара акрызҵазкуа усуроуп, убри иахҟьаны ҭыԥ-ҭыԥла ақалақь аҿы аӡы аанаҳкылалоит, иҳәеит "Аӡыканал" аинџьныр хада Мераб Анқәаб аҳҭнықалақь аӡы аҟамзаара атәы далацәажәауа.