Белла Барцыцԥҳа: асаӡ ҳәамҭақәа роуп апоезиахь сымҩахызга
Раԥхьатәи схыҭҳәаа аҩраҿгьы амҩа сықәызҵаз, сгәыла апоетесса Белла Барцыцԥҳа лакәын. Лара лыбзоурала, уи нахыс ахыҭҳәааи аиҭаҳәеи рыҩраҟны ахәшьара ҳаракқәа соуа салагеит. Дыҟамзар ҟалап ҳаиланхараҭаҟны аӡәы, ашкол аҟны аҵара иҵонаҵы Белла Барцыцԥҳа ацхыраара злымҭац.