Оҭырба: марттәи ажәылара ашьҭахь аиааира агаразы шьаҿақәак ҳзаанхеит
![Оҭырба: марттәи ажәылара ашьҭахь аиааира агаразы шьаҿақәак ҳзаанхеит](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/102061/75/1020617561.jpg)
Иԥышәагаз марттәи ажәылара ҳаԥсуа еибашьцәа рзы илыҵшәадахеит, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа 222-ҩык ҭахеит, аӡәырҩы хабарда ибжьаӡит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу Зураб Оҭырба марттәи ажәылара ахҭысқәа игәалаиршәеит арадио Sputnik астудиаҟны.