Ҭраԥшьԥҳа аԥсшьаҩцәа рыдкылашьазы: аԥсуаа ачеиџьыка змоу уааҵәҟьоуп рҳәо иҟалар сҭахуп
Акурорттә аамҭазы Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа ииашаны рыдкылашьа аҽақәыршәара акырӡа шаҵанакуа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит Пицунда ахатәы сасааирҭа змоу Аида Ҭраԥшьԥҳа.