Харчлаа амаинингтә фермақәа Тҟәарчал рҿыхразы: аӡәгьы даҳҿамгылеит иҟашәымҵан ҳәа
"Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы Вахтанг Харчлаа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит амаинингтә фермақәа рҿыхразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.