Зегь раԥхьа иргылон иуаҩра: аԥсуа персонаж даазырԥшуаз Чынчор Џьениа изкны
Аԥсуа театр актиор Чынчор Кәасҭа-иԥа Џьениа диижьҭеи иахьа иҵит 90 шықәса. Уи зыстуденттә ԥсҭазаара инаркны иаагәаны дыздыруаз, зыҩны акырынтә инеихьаз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит уи илаз аҟазшьақәеи иактиортә баҩхатәреи ирызку лгәалашәарақәа.