Аиреи аԥсреи аӡәгьы изаанкылом: Аԥсны АҬАРқәа русура иацырҵоит
Хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа Аԥсны иалагалоуп акоронавирус аламырҵәаразы аԥкратә уснагӡатәқәа. Ауаа рацәа злахәу аусмҩаԥгатәқәа, акорпоративқәа, ачарақәа рымҩаԥгара ҟалом, иарку афатәи амаҭәеи ахьырҭиуа аџьармыкьақәа, ауаажәларратә транспорт аанкылоуп.