Аӡынба Хәарцкьиа Мушьни изы: имҩаԥигоз ажәыларақәа зегьы рҿы дԥызан, даԥхьагылаҩын
Аҵарауаҩ-археолог, Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа дҭахеит ԥхынҷкәын 6, 1992 шықәсазы Мрагыларатәи афронт аҟны. Аԥсны Афырхаҵа Гарри Аӡынба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Мушьни Хәарцкьиа иҭахара шыҟалаз.