Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара Жәларбжьаратәи атурнир аадыртит Аҟәа
Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара изаамҭанытәиу абыжьбатәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" мҩаԥгахоит жьҭаара 7 асааҭ 12:00 рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Есышықәса еизҳауеит атурнир алахәылацәа рхыԥхьаӡара. Иахьазы Аԥсны акомандеиԥш, аҳәаанырцәтәи акомандақәа даҽа хәба алахәуп.