Кәыҵниа: амшынмҩала ацхыраара иаҳа лассы иҟауҵар алшоит
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу аиқәырхаратә катер раԥхьаӡа акәны Аԥсныи Урыстәылеи рымшынтә ҳәаа иахысит. Уаанӡа ус еиԥш иҟамыз алшарақәа иахьа изыбзоурахаз, уи хықәкыс иамоу атәы, насгьы уи ареис аныҟәараз ҭагылазаашьақәас иаԥҵахо атәы Sputnik арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.