Дамениа ашықәсан ихадаз аполитикатә хҭыс азы: аиҿкаара агуп, зинла еиқәыршәам
Асоциалтә-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа арадио Sputnik аефир аҟны 2019 шықәсазы аполитикатә хҭысқәа реихшьаала ҟаҵо, Аԥсны имҩаԥысыз алхрақәа рзы игәаанагара иҳәеит.