Габниаԥҳа: арыцҳара иақәшәаз аӡӷаб илдыруазароуп асаби иԥсҭазаара еиҳау шыҟам
Абыда ииуа аӷраҭшаа ишьреи аԥсуареи? Избан аҳаҭыр ахьчаразы аԥҳәыс лысаби дызҭалырхо? Ирыхьзеи жәытә-натә аахыс иааҳгоз аԥсуара аԥҟарақәа? Ишԥарыӡбуаз ажәытәан ас ихьанҭаз азҵаатәқәа? Ари азҵааразы арадио Sputnik аҟны лгәаанагара лҳәеит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аиҳабы, аҵарауаҩ Цира Габниаԥҳа.