Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аилак аԥҵоуижьҭеи 26 шықәса аҵра иазку аилатәара
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аусбарҭа еиҿкаауижьҭеи 26 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә еиԥылара мҩаԥган Аҟәа, хәажәкыра 25 рзы. Ари арыцхә инамаданы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа - аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа 75-ҩык амедалқәа ранаршьеит. Аиԥылара далахәын Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.