Багаҭелиа ишьапылампыласыҩцәа рзы: даара срықәгәыӷуеит
Сааӡамҭацәа риааира сазыԥшын иҳәеит арадио Sputnik аҟны Гәдоуҭатәи Риҵа ашьапылампыласыҩцәа қәыԥшцәа разыҟаҵаҩ Рафаель Багаҭелиа. Арҭ амшқәа рзы Аҟәа имҩаԥгаз Варлам Лакрба ихьӡ зху есышықәсатәи ашьапылампылтә турнир аҟны Гудоуҭатәи "Риҵа" ашьапылампыл асыҩцәа қәыԥшцәа актәи аҭыԥ ааныркылеит.