Қәҭарба: сроман дарбанзаалакгьы еилыикаауазар, сгәахтәы насыгӡеит ауп иаанаго
Ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит аԥсуаа реиҳагьы егьырҭ амилаҭкәа азҿлымҳара шарҭо. Уи ироман "Сыхдырҵәеит , сыхҵәараххеит" ахԥатәи ахәҭа "Асакараҿы дыҟазаргьы дыхьҭышьуеит ахҵәарах" захьӡу ааигәа иҭыҵит. Иахьа Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсуа милаҭтә библиотекаҟны аӡыргара мҩаԥысуеит.