Аҩӡба еиҭеиҳәеит Апарламент аҿы имҩаԥысуа амитинг аҿы адепутатцәа рыӡбамҭа шрыдыркылаз
Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рыҿҳәара имнахеит, ари ажәабжь аоппозициа ахаҭарнакцәа ишрыдыркылаз атәы, насгьы Жәлар Реизара адепутатцәа рыбжьыҭира шцоз атәы ҭелла арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит шьыжь аахыс Аԥсны Аиҳабыра ахыбраҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирылахәыз Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.