Лашәриа иҩымҭа "Аџьынџь" азы: ҳаибашьра аӡбахә адунеи ԥхьаҩы иҟынӡа анагара сашьҭан
Ажурнал "Наш современник" аҟны урысшәала еиҭаганы акьыԥхь збаз Мушьни Лашәриа ипоема "Аџьынџь" азы апремиа ианашьоуп. Аҩымҭа аҭоурых, насгьы иара ажурнал аҿы ишкьыԥхьхаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар рпоет Мушьниа Лашәриа.