Ҵулукьиа: Афганистан асоветтә архәҭақәа мнеизҭгьы, иахьа атеррористцәа иаҳагьы ирацәахон
30 шықәса раԥхьа Афганистан иалган Асоветтә архәҭақәа. Уи нахыс акыр ахҳәаа азыҟарҵахьеит Асовет Еидгыла ар Афганистан аҟазаара аҵакы, ари азҵааразы ихатә гәаанагара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Афганистан еибашьуаз аветеранцәа реидгыла ахантәаҩы Даур Ҵулукьиа.