Абыхәба еиҭеиҳәеит аҵыҵындра ааӡара иацу ауадаҩрақәа ртәы
Аӡҩыбжьа ақыҭан иҟоу аҵыҵындра ааӡарҭа анхамҩа раалыҵ аизгара ианалаго, насгьы уи ҳтәыла анҭыҵ аҭиразы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аӡҩыбжьа ақыта ахада Дмитри Абыхәба.